Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ ВЛАДИМИР ДЕЛБЕИ АТӘЫЛА АБИУЏЬЕТТӘ УСХКЫ АҾЫ ИШЬАҚӘГЫЛАЗ АҬАГЫЛАЗААШЬА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Ашәахьа, 12 Мшаҧы 2021 10:26 375

Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба дидикылеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

«Абзиара шәымаз Владимир Валери-иԥа.  Исзеиҭашәҳәар сҭахын атәыла абиуџьеттә усхкы аҿы иҟоу аусқәа рҭагылазаашьа атәы, ахылаԥшырҭақәа рыпроектқәа рфинанстәра, акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҿагылара иадҳәалоу ахарџьқәа рхарҭәаара, уҳәа шымҩаԥысуа ртәы», - ҳәа аиԥылара аартуа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр, Алеқсандр Анқәаб ичымазара аамҭазы аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡоз Владимир Делба атәыла анапхгара аусура, абиуџьет анагӡара адинамика, уи аныхтә хәҭа хадара злоу ахырхарҭақәа, ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы ауснагӡатәқәа рынагӡара, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа рзы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.

Владимир Делба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 12 рзы атәыла ахатәы хашәалахәқәа рыҩаӡара 1,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар аизҳара аццара аанарԥшуеит. Убас ала, аизҳара ашәагаа – 21 %. аҟынӡа инаӡоит.  «Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Уаанӡа еиԥш уажәгьы, абиуџьет ахархәагақәа рхархәара аганахьала еиҳа ихадоу ахырхарҭаны ишыҟац иаанхоит агәабзиарахьчара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара. Ашықәс актәи аԥшьбара азы абиуџьет аҿы иазԥхьагәаҭаз, акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҿагылара азы хазы игоу аусмҩаԥгатә афинанстәра хацыркын. (ашықәсатә программа азеиԥш шәагаа – 50 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит). Инагӡахоит агәабзиарахьчара егьырҭ апрограммақәагьы, ахашәалахәытә потенциали аҭаххрақәеи инарықәыршәаны амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи иаауа азыҳәамҭақәа рфинанстәра мҩаԥысуеит. Иарбоу аусхкы аҿы аҭаххрақәа рфинанстәра аҩаӡара 90% иреиҳауп», - ҳәа еиҭеиҳәеит атәыла афинансқәа  Рминистрра ахада.

Аулафахәы ашәара афонд афинанстәра аласра иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу апериод азы иҟаз арбагақәа раасҭа 15% рыла еиҳахеит. Владимир Делба  иара убас  ареспублика атәанчаҩцәа ртәанчахәы рызшәара аганахьала ауал аанханы ишыҟоу азгәеиҭеит. «Рыцҳарас иҟалаз, хәажәкырамзазы  иазԥхьагәаҭаз 65 млн мааҭ шәаӡамкәа иаанханы иҟоуп. Ҳара ауал аиҵатәра азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Иаагозар, актәи аԥшьбара азы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иназыцҵоу ацхыраара аҳасабала Атәанчаратә Фонд ахь идәықәҵахеит иазԥхьагәаҭаз 137 млн. мааҭ рҟынтәи  105 млн. мааҭ».

 Аԥыза-министр 3-мыз ирылагӡаны аҳазылхаратәи ашәахтәтәии ашәатәқәа ршәагаа азҿлымҳара ааирԥшит. Владимир Делба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳазылхратәии ашәахтәтәии ахыԥхьаӡаларақәа ршәара иааизакны  20 % рыла еиҳахеит. «Ҳара иаҳбаратәы иҟоуп аҳазылхратәи еиԥш ашәахтәтәии ашәатәқәа реизҳара. Ашәахтәшәаҩцәа ршәатәқәа рхыԥхьаӡалара адинамика шыҟоу азгәаҳҭоит. Ахырԥаԥса аҩаӡара лаҟәит.  Уи иаанаго ашәахтәшәаҩцәа иҟоу азакәанԥҵареи ишьақәыргылоу аҽҳәарақәеи рыла ршәатәқәа нарыгӡоит ҳәа ауп иаанаго.  Анапхгараҭаратә усура арӷәӷәара иалҵшәаны аҳазылхратә шәатәқәа 20 % рыла еизҳаит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Алеқсандр Анқәаб афинансқәа рминистр инаигӡаз аусура азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, аусура ацашьа иагимырхарцгьы иабжьигеит.

 

Last modified on Аԥшьаша, 15 Мшаҧы 2021 10:38