Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа Хадеи Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭеи ирҭааит.

Аԥшьаша, 06 Нанҳәа 2020 11:10 831

Атәыла аԥыза-министр Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәа русеицура шымҩаԥысуа азы адырра ирҭеит. 

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2020 ш. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа  агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа ахаҭарнакцәа идикылеит. 

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакьиа, аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа. 

Агәабзиарахьчара аминистр аԥыза-министр иааз иколлегацәа иирдырит:

“Иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара Covid-19 злаҽыз ауаа ахырхарҭатә цхыраара рыҭара иазку аусура назыгӡо Аԥсны амедицинатә усбарҭақәа аконсультатив-методикатә цхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны ҳара ҳахь иааит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аспециалистцәа: Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара Аминистрра зықәра наӡоу ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкаара Аусбарҭа астационартәии ҷыдалатәи ахықәкытә медицинатә цхыраареи рыҟәша аиҳабы, Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист-аепидемиолог Дмитри Гурбич, аҳәынҭқарратә биуџьеттә агәабзиарахьчара аусбарҭа “Аклиникатә аонкологиатә диспансер -1” (ГБУЗ «Клинический онкологический диспансер 1») аепидемиологиатә ҟәша аиҳабы Ирина Анишьук, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра иатәу Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә Усбарҭа “Афтизиопульмонологиеи аинфекциатә чымазарақәеи рзы Амилаҭтә медицинаҭҵааратә Центр”  (“НМИЦ ФПИ”) аҳақьым-аинфекционист Александр Дмитриев. 

Ҭамаз Цахнакиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аԥснытәии урыстәылатәи аспециалистцәа Гәдоуҭатәи ареспубликатә хәышәтәырҭа Хадеи Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭеи ирҭааит. 

“Ҳара Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу ахәышәтәырҭа ҳаҭааит, уи иамоу аматериал-техникатә база, ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара, амедицинатә персонал аусура аиҿкаара, уҳәа  агәаҭарақәа мҩаԥаагеит. Ачымазаҩ ииагаразы ахархәара зауа аматериалқәа ҳрыхәаԥшит. Иара убас, ҳара иаҳзеиҭарҳәеит араҟа акоронавирусттә ҿкы чымазара алаҽра аилкаара азы ПЦР-диагностика шымҩаԥырго атәы, - ҳәа Алеқсандр Анқәаб адырра ииҭеит Дмитри Гурбич.

Ахәышәтәырҭақәа рҭаара ашьҭахь урыстәылатәи аспециалитцәа  Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥгаз аилатәара рхы аладырхәит. 

Last modified on Аҩаша, 18 Нанҳәа 2020 13:09