Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

Акультура аминистр Гәдиса Агрба арежиссиор, Аԥсны жәлар рартист Валери Ақаҩба иидиныҳәалеит ииубилеи – 75 шықәса ихыҵра.

Аҩаша, 26 Ажьырныҳәа 2021 11:27 769

Аҟәа. Ажьырныҳәа 26 2021. Аԥсныпресc. Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Гәдиса Агрба арежиссиор, Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» Аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Валери Ақаҩба иидиныҳәалеит ииубилеи – 75 шықәса ихыҵра.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Валери Михаил-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура Аминистрра ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи!

Шәара шәҟазаратә мҩа хацшәыркит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҟны, иаразнакгьы шәхы аашәырԥшит аҟыбаҩ змоу актиори арежиссиори рыҳасаб ала. Абаҩхатәра ду, атеатртә ҟазара арҿиарахь ишәымоу агәацԥыҳәара ирыбзоураны, шәара ишәырҳаит жәлар раҳаҭыр Аԥсныи уи анҭыҵи. Шәара шәусумҭақәа егьырҭ ирыламҩашьо автортә хаҿра рныԥшуеит. Урҭ акырынтә жәларбжьаратәи аҳамҭақәа дырҳахьеит аҳәаанырцә имҩаԥысуа зыҩаӡара ҳараку афестивальқәа рҟны, иара убас ҳтәыла аҟынгьы жәлар рыбзиабара дырҳаит, атеатртә ҟазара иадҳәалоу апрофессионалтә еилазаара рыбжьарагьы иазгәарҭахьеит, ахә ҳаракны иршьахьеит.

Ҩаԥхьа шәиубилеи шәыдныҳәало, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа шәҟазараҿы».

Валери Ақаҩба атеатр аҟны иқәыргыламҭақәа: Грибоедов «Зыхшыҩ зрыцҳарахаз», Ж. Шехаде «Брисбентәи аемигрант», Кальдерон «Аԥсҭазаара ԥхыӡуп», У. Шеқспир «Иули Цезар», Гольдони «Кьоџьаа рҭыӡшәа», Ф. Искандер «Махаз», М. Бӷажәба «Гәараԥаа рписар».

Валери Ақаҩба атеатр аҟны иихәмарыз арольқәа: Дон Карлос (Шиллер ипиеса «Дон Карлос» аҟны), Освальд (Ибсен ипиеса «Анаурқәа» аҟны), Подкалесин (Гоголь – «Аԥҳәысаагара»), Альберто де Стефано (Едуардо де Филиппо – «Ауаҩи аџьентлмени»), Михаил Заболотныи (Виктор Розов – «Ачара аҽны»), Ле Гуевена (Жак Роббер – «Мари-Октиабр»).

Last modified on Аҩаша, 26 Ажьырныҳәа 2021 13:22