Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ХЬЫБЛА ГЕРЗМАА АСОЛОТӘ КОНЦЕРТ АЛА МОСКВАТӘИ АКОНСЕРВАТОРИА АЗАЛ АҾЫ ДЫҚӘГЫЛАРАНЫ ДЫҞОУП

Ашәахьа, 26 Жьҭаара 2020 20:28 742

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2020 ш. Аԥсныпресс.  Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Герзмаа абҵарамза 10 рзы Моcкватәи аконсерваториа азал аҿы лиубилеитә ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны, асолотә концерт мҩаԥылгараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

Артистка лконцерт иалахәхоит иара убас аҳәынҭқарратә камертә оркетр «Виртуозы Москвы», адерижиор Владимир Ланде.

Иара убас аконцерт ихы алаирхәраны дыҟоуп Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Атеатр Дууи аопера Ҿыци асолит хада, абаритон Игорь Головатенко.

Аусмҩаԥгатә ашәаҳәаҩ Москва ақалақь Кремлиовтәи Ахан аҿы имҩаԥысыз аныҳәатә гала-концерт ала ихацыркыз лиубилеитә ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.