Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ААР Ареспублика Аҧсны ауааҧсыра акороновирустә ҿкы чымазара рацәыхьчаразы ишьақәыргылоу, иалкаау аҧҟарақәа рықәныҟәара хылаҧшра анаҭоит.

Аԥшьаша, 15 Жьҭаара 2020 12:24 588

Аҟәа.  Жьҭаара 9. Аԥсныпресс.  Абри азҵаара азы, ААР аминистр Дмитри Дбар ихаҭыҧуаа, аппарат хада аҟәшақәеи, ақалақьқәеи араионқәеи рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рнапхгаҩцәеи  алархәны  аилацәажәара  мҩаҧигеит.

Аминистр инапаҵаҟа иҟоу аҟәшақәа рнапхгаҩцәа ирыдиҵеит аинформациа-профилактикатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара, насгьы ишьақәыргылоу аҧкрақәа рынагӡара ахылаҧшра аҭара. Дмитри Дбар ақалақьқәеи араионқәеи рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рнапхгаҩцәа, ачараиурҭа азалқәа, мамзаргьы егьырҭ ахыбрақәа рҟны амассатә- гәырҕьаратә еилатәарақәа мҩаҧырымгаларц азы ахылаҧшра арҭаларц рыдиҵеит. 

Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа иаҿагыланы ақәҧареи рзы аусбарҭа  ахәаахәҭратә ҭыҧқәа, азеиҧшчарҭақәа, анаплакқәа уҳәа  рҟны ишьақәыргылоу анормақәа рынагӡашьа ахылаҧшра аҭара аганахьала аҭакҧхықәра адуп.

Ауааҧсыра рлага-ҩагара иазырхоу ауаажәларратә транспорт аҟны асаниатартә-епидемиологиатә нормақәа иахьынӡарықәныҟәо ахылаҧшра арҭалоит ААР аҳәынҭқарратә автоинспекциа аҟәшақәа. Аҧыҧшырҭатә маҵзурақәа ауаажәларра акороновирустә ҿкы рыламырҵәаразы изықәныҟәаша аҧҟарақәа рзы аинформациа рыладырҵәоит.

 «ААР амчрақәа зегьы, ареспублика ауааҧсыра ргәабзиара ахьчаразы ишьақәыргылоу аҧкрақәа  рынагӡара  иазкхоит, атәылауаа ракәзар еилкаарыла арҭ аусмҩаҧгатәқәа ирызнеиуеит, избанзар зегьы ҳауацәа ҳҭахцәа, иара убасгьы ҳхатәы гәабзиара ҳацклаҧшлар ауп»,- ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Дбар.

Иара убас, аминистр акыр амаҵзуратә дҵақәа ҟаиҵеит, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа информациала реиқәыршәара аганахьала, насгьы аминистрра иаҵанакуа аҟәшақәа русура ахылаҧшра азҭои, иқәыргылоу ахыдҵақәа рынагӡара азы аҭакҧхықәра здыуи рганахьала  аӡбамҭақәа идикылеит.

Last modified on Аԥшьаша, 15 Жьҭаара 2020 12:29