Print this page

АҦСНЫ АҬЫҦАНТӘИ АХАЛАНАПХГАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РЗИНМЧҚӘА МШАҦЫМЗА 11, 2021 ШЫҚӘСАНӠА ИАЦҴОУП

Аԥшьаша, 24 Цәыббра 2020 14:32 2044

Аҟәа. Цәыббрамза 24. Аҧсныпресс.  Лана Цәыџьҧҳа. Аҧсны аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рзинмчқәа мшаҧымза 11, 2021 шықәсанӡа иацҵоуп.

Ас еиҧш аӡбамҭа рыдыркылеит иахьа имҩаҧысыз Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара аҿы. Уи акоронавирусттә ҿкы чымазара COVID-19 алаҵәара иахҟьаны ареспублика аҿы ишьақәгылаз аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхара иадҳәалахеит. 

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа цәыббрамза 21, 2020 шықәсазы иҭижьыз Аусҧҟа инақәыршәаны, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаҧгара абҵарамза 1,2020 шықәсазы иазҧхьагәаҭан.