Print this page

АПАРЛАМЕНТ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИАХЬ АМАССАТӘ УСМҨАҦГАТӘҚӘА РАҦЫХРА АЗЫ ААҦХЬАРА ҞАНАҴЕИТ

Аԥшьаша, 24 Цәыббра 2020 14:28 444

Аҟәа. Цәыббрамза 24, 2020 ш. Аҧсныпресс. Лана Ҵәыџьба.  Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аиааиреи ахьыҧшымреи Рымш 27-шықәса ахыҵра инамаданы амассатә ныҳәатә усмҩаҧгатәқәа раҧыхра азы ааҧхьара ҟарҵеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаҧигеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы, адепутат Илиа Гәыниа.

“Акоронавирусттә ҿкы чымазара СОVID-19 алаҵәара иахҟьаны атәыла аҩныҵҟа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхареи, аинфекциа алаҵәара ашәарҭара армаҷреи инамаданы, Аиааиреи ахьыҧшымреи Рымш 27-шықәса ахыҵра иазкны уаанӡа иазҧхьагәаҭаз амассатә ныҳәатә усмҩаҧгатәқәа раҧыхра азы Шәара шәахь ааҧхьара ҟаҳҵоит”, - ҳәа ахәҭакахьала иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала иҟаҵоу ааҧхьара атекст  аҿы.