Print this page

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АПАССАЏЬЫРЦӘА РЫИАГАРЕИ АМАШЬЫНА ЛАСҚӘА РЫЛА АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АХЫСРЕИ ИРЫДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА РЗЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аԥшьаша, 26 Лаҵара 2022 20:29 94

Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апассаџьырцәа рыиагареи амашьына ласқәа рыла Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысреи ирызку аусуратә еилатәара  мҩаԥигеит аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура аҿы.  

Ҳазҭоу ашықәса лаҵарамза инаркны Аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Адлер-автомҩатә» аҿы урыстәылатәи аҳазылхырҭа аԥснытәи автомашьынарныҟәцаҩцәа рахь, аиуристтә хаҿқәагьы уахь иналаҵаны, апассаџьырцәеи аидарақәеи рыиагара инамаданы иназыцҵоу адҵақәа ықәдыргыло иалагеит. 

Аилатәара аҿы аҿыц лагалақәа иаҵанамкуа автомашьынарныҟәцаҩцәа ркатегориақәа ирылацәажәеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ицәырҵыз азҵаара аҭышәынтәалара азы Урыстәыла Афедералтә Ҳазылхратә Маҵзуреи атранспорт Аминистрреи рақәыршаҳаҭра азы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа рзы адырра ҟалҵеит.

Аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара жәларбжьаратәи аиагарақәа иашьашәалоу анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра рыла иахьҳәаақәҵахо, насгьы иҿыцу алагалақәа жәларбжьаратәи аиагара мҩаԥызго аҳәаа ианахысуа ауадаҩрақәа ахьрызцәырнаго инамаданы, атәыла аԥыза-министр  аамҭа кьаҿ иалагӡаны урыстәылатәи аган азинмчы змоу аусбарҭақәа рҿы аилацәажәарақәеи аконсультациақәеи рымҩаԥгара азы адҵа ҟаиҵеит.

Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилкы ахантәаҩы Оҭар Хьециа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак   Константин Козлов.