Print this page

ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РМИНИСТР ЛЕВ КӘЫҴНИА АԤЫЗА-МИНИСТР АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ НАПХГАРА ЗИҬО АХЫЛАԤШЫРҬА АУСУРА АЗЫ АДЫРРА ИИҬЕИТ.

Ахаша, 18 Лаҵара 2022 12:49 56

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иара напхгара зиҭо Ахылаԥшырҭа аусура азы адырра ииҭеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Аусуратә еиԥылара аҿы  Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара  азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас арегионалтә ҟәшеиҵақәа рыҿиара, Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рҟынтәи рколлегацәеи дареи агуманитартә усура аганахьала аусеицура азҵаара иазааҭгылеит.

Аԥыза-министр Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр  ахшыҩзышьҭра аиҭарц иҳәеит иааиуа акурорттә  сезон аҽазыҟаҵара.

«Ареспублика Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра атуристтә маршрутқәа зегьы рыҟны аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аиқәыршәара ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭалароуп», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.

 

 

Last modified on Аҩаша, 07 Рашәара 2022 15:30