Print this page

АРЕСПУБЛИКАТӘ ААԤХЬАРАТӘ КОМИССИА АԤҴОУП.

Аԥшьаша, 28 Мшаҧы 2022 11:50 95

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ареспубликатә ааԥхьаратә комиссиа аԥҵара азы Ақәҵара аднакылеит.

Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы Васили Лунев иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа ала, мшаԥымза  1 инаркны арратә ааԥхьаратә кампаниа алагеит.

Ааԥхьаратә кампаниа амҩаԥгара азы иаԥҵазар ахәҭоуп иара убас ареспубликатә ааԥхьаратә комиссиа. Уи напхгаҩыс даҭахоит ареспублика арратә комиссар.

Акомиссиа аилазаара иалалоит атәылахьчара Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра, иара убас агәабзиарахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа.

Акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥгахоит лаҵарамза 3 азы.

Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ааԥхьаратә кампаниа – ари хадара злоу аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәуп, атәыла анапхгара алахәылацәа зегьы  уи амҩаԥгара аҿы ацхыраара ҟарҵар ахәҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  Последнее изменение Четверг, 28 апреля 2022 11:59.

 

 

Last modified on Амҽыша, 01 Лаҵара 2022 19:46