Print this page

НЕСТОР ЦУЖБА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АԤКЬАҬМПЫЛТӘ ТУР АТУРНИР АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.

Аҩаша, 26 Мшаҧы 2022 11:34 133

Аҟәа. Мшаԥымза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсмен қәыԥш Нестор Цужба мшаԥымза 22 -24 рзы Краснодар ақалақь, атеннистә центр «Сибирь» аҿы имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аԥкьаҭмпылтә тур атурнир аҿы аиааира игеит.

Аԥснытәи аԥкьаҭмпыласҩы Нестор Цужба ақәратә категориа 9-10 шықәса иаҵанакуа рыбжьара дықәгылан.

Аспортсмен дазыҟаиҵоит Ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ адиректор, аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза  Елизабет Акәыциа. 

 

Last modified on Ахаша, 27 Мшаҧы 2022 18:52