Print this page

АБЗАГӘ ҴӘЫЏЬБА УРЫСТӘЫЛА ИҞОУ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АПРЕСС-МАӠАНЫҞӘГАҨЫС ДҞАҴОУП.

Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 13:16 94

Аҟәа. Хәажәкырамза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 2020 шықәсазы аиндаҭлара «Аԥсны агәадура» аҟны иаиааииз ахәҩык ируаӡәку Абзагә Ҵәыџьба Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп.

Абзагә Ҵәыџьба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу жәлар рынхамҩеи аҳәынҭмаҵзуреи рзы Академиа аспирантура аҿы аҵара иҵоит.

Адипломатиатә Хаҭарнакра апресс-маӡаныҟәгаҩ амассатә информациа ахархәагақәа аус рыцура, рнырра, апресс-усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара, аофициалтә саит амҩаԥгара, уҳәа инапы иануп.

               

               

 

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 17:13