Print this page

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА «БАСЛАҬ-АӠФЫМЦАТӘ СТАНЦИА» АЗЫ АНОРМА-ЗИНТӘ ШӘҞӘЫНҴАҚӘА АЗАКӘАНМЧЫ РЫМАӠАМ ҲӘА ИШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.

Ахәаша, 11 Хәажәкыр 2022 19:51 65

Аҟәа. Хәажәкырамха 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа апрокурор Хада иҟынтәи иалагалаз Административтә зыҳәамҭеи уи ацҵеи инагӡаны анагӡара азы азыӡба аднакылеит. 

Иреиҳаӡоу Аӡбамҭа иаднакылаз аӡбамҭа ала, абарҭ анорма-зинтә шәҟәынҵақәа ианрыдыркыла нахыс азинмчы амаӡам ҳәа иԥхьаӡоуп:

«Баслаҭ-Аӡфымцастанциа» амазаратә комплекс азы» 04.03.2020ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара №32.

«Баслаҭ-Аӡфымцастанциа» амазаратә комплекс априватизациа азура иаҵанакуа аобиектқәа рсиа алагалареи уи априватизациа азура азы аҭагылазаашьақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы» 16.04.2020ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз  Ақәҵара №58».

«Априватизациа азура иаҵанакуа аҳәынҭқарратә обиектқәа иназыцҵоу рсиеи урҭ априватизациа рзура азы аҭагылазаашьақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы» 19.06.2020ш. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент иаднакылаз Ақәҵара №4995-с-VI (Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара мшаԥымза 16, 2020 шықәсазы иаднакылаз Ақәҵара №58 Ацҵа).

 

Last modified on Ахаша, 16 Хәажәкыр 2022 13:45