Print this page

АПРОКУРАТУРА АУСБАРҬАҚӘА РҾЫ АЛХРАТӘ КАМПАНИА ААН АТӘЫЛАУАА РЫДКЫЛАРА АЗЫ АԤЫԤШРА ЕИҾКААХОИТ.

Аԥшьаша, 24 Жәабран 2022 10:23 160

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгараан азакәанра аиҿкааразы, апрокурор Хада иҷыдоу адҵа ҟаиҵеит.  

Апрокурорцәа адҵа рыҭоуп:

– иалагалахо ашшабӷьыцқәа ианаамҭоу, аԥсшьарамшқәагьы уахь иналаҵаны, азакәан  иарбоу аҽҳәрақәа ирҭагӡаны рыхәаԥшра алыршара;

– алхратә кампаниа амҩаԥгара аамҭахәҭа иалагӡаны атәылауаа рыдкылара азы аԥыԥшырҭақәа реиҿкаара;

– алхратә комиссиақәа рышьақәыргылараан, алхраԥхьатәи агитациа амҩаԥгараан, иара убас алхратә кампаниа афинанскреи раан азакәанԥҵаратә нормақәа рынагӡара ахшыҩзышьҭра аҭара;

– алхрақәа рзы азакәанԥҵара ақәныҟәара агәаҭараан аилагарақәа раарԥшраан, иаразнак уи азы адырра аҵабыргра аилкаара азы агәаҭара амҩаԥгара.  

Последнее изменение Четверг, 24 февраля 2022 10:25.

 

 

Last modified on Ахәаша, 25 Жәабран 2022 20:10