Print this page

БАСҬАҞӘА АГРБА АРЕПАТРИАЦИА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АХАНТӘАҨЫ ИХАҬЫԤУАҨЫС ДҞАҴОУП.

Ахаша, 23 Жәабран 2022 16:40 222

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив дыдирдырит Ахылаԥшырҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ ҿыц Басҭаҟәа Агрба.

Иахьа иара убас атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура хаҭалатәи аилазаара дыдирдырит ари Ахылаԥшырҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵоу Џьими Ажьиба.   

 

 

Last modified on Ахаша, 23 Жәабран 2022 17:44