Print this page

АРЕСПУБЛИКА АЛАДА УАԤСТӘЫЛА АХАДА АНАТОЛИ БИБИЛОВ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АԤСАДГЬЫЛ АХЬЧАҨ ИМШНЫҲӘА ИНАМАДАНЫ ДИДНЫҲӘАЛЕИТ.

Ахаша, 23 Жәабран 2022 12:54 161

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Алада Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа инамаданы дидныҳәалеит.

Адеыҳәаларатә шәҟәы аҟны, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр ду зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи ахақәиҭтәыҩцәеи рфырхаҵареи ргәымшәареи ирсимволу Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш.

Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа рзы ари амш ҷыдала аҵакы амоуп. Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит зхы-зыԥсы иамеигӡакәа, ҭынч инхоз ауааԥсыра рыхьчаразы игылаз, аԥышәара дуқәа ҳанырҭагылаз хьаҵрак ҟамҵакәа ҳадгьыл аҕа ицәызыхьчаз.

Иахьа ҳрыдныҳәалоит иара убас ҳҭынчра еиламгарц азы аррамаҵураҿы иҟоу: асолдаҭцәа, амшынуаа, асержантцәа, аофицерцәа. Аԥсадгьыл ахьчаразы игылоу, ԥхьатәара иҟоу, уажәы аррамаҵзурахь зхы хоу зегьы.

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, ари амш шьахә аҽны гәык-ԥсык ала Аԥсны ауааԥсыра, ҭаацәацыԥхьаӡа ирзеиҕьасшьоит анасыԥ, аҳәоуеиқәшәара, аветеранцәа - агәабзиареи ашықәснҵыреи, асолдаҭцәеи аофицерцәеи -ақәҿиарақәа аррамаҵзураҟны. Агәымшәареи афырхаҵареи згым ауаа ирныҳәоу ари амш есқьынгьы аҭынчреи агәырҕьареи ацны имҩаслааит».

 

 

Last modified on Ахаша, 23 Жәабран 2022 16:36