Print this page

ЖӘАБРАНМЗА 21 ИНАРКНЫ АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АШКОЛҚӘЕИ АХӘЫҶБАҲЧАҚӘЕИ ҨАԤХЬА АУСУРА ИАЛАГОИТ.

Ахәаша, 18 Жәабран 2022 20:38 179

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 21 инаркны аҳҭнықалақь ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ҩаԥхьа аусура иалагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.    Акызаҵәык, А. Пушкин ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №2 уахь иаҵнакӡом, избан акәзар иарбоу аҵараиурҭа аҿы имаҷҩымкәа ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи чмазаҩуп. 

«Аҩбатәи ашкол аҿы ичмазаҩуп ааҩык арҵаҩцәеи 62-ҩык аҵаҩцәеи. Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым Хада Алла Белиаева лабжьгарала, ҳара ари ашкол макьаназы иааҳартӡом», - ҳәа адырра ҟалҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Смыр.

Уи лажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аҵаҩцәа мчыбжьқәак акарантин аҿы иахьыҟаз ачымазара алаҽра инамаданы аҭагылазаашьа маҷк иадамхаргьы арҽеира алнаршеит.

Аҟәа ақалақь ахада Идҵа инақәыршәаны, аҳҭнықалақь ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин аҿы иҟан ажьырныҳәамза 27, 2022 шықәса инаркны. 

 

 

Last modified on Асабша, 19 Жәабран 2022 15:30