Print this page

АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 АПАНДЕМИА ААМҬАХӘҬА ЗЕГЬЫ ИАЛАГӠАНЫ АЛАҴА ҞАЗҴАЗ РХЫԤХЬАӠАРА 18 000-ҨЫК РҞЫНӠА ИНАӠЕИТ.

Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 16:16 163

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза  18, 2021 шықәса инаркны жәабранза  17, 2022 шықәсанӡа алаҵа  «Спутник V» (апартиа ҿыц) рыларҵеит 4046-ҩык. Алаҵа «Спутник Лайт» апартиа ҿыц ала жәабранмза 14 – 17 аҟынӡа алаҵа ҟарҵеит 525 –ҩык.

Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 апандемиа аналага инаркны иахьа уажәраанӡа апрепарат   «Спутник Лайт» ала алаҵа ҟарҵахьеит 7454-ҩык. 

Иааизакны апандемиа аналага инаркны иахьа уажәраанӡа алаҵа ҟазҵаз рхыԥхьаӡара – 18 000-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 19:10