Print this page

АВТОМАТИЗАЦИА ЗЫЗУ АӠБАРА-ИНФОРМАЦИАТӘ СИСТЕМА АЛАГАЛАРА АҼҲӘАРА ШЫҚӘСЫК АҞЫНӠА ИАХЫРГЕИТ.

Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 12:22 134

Аҟәа. Жәбранмза 17 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ааԥынтәи асессиа актәи аилатәара аҿы азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызу аӡбара-информациатә система алагалара иазкны «Аӡбаратә мчра азы» Аконституциатә Закәан аԥҟарақәа азинмчы роура анагӡареи аҽҳәарақәеи рзы Ақәҵара рыдыркылеит.

Иарбоу аӡбамҭа азы аилатәара иалахәыз 30 – ҩык адепутатцәа рҟынтәи 24-ҩык адепутатцәа рыбжьы  рҭиит.

Ԥхынгәымза, 2021  шықәса рзы Автоматизациа зызу аӡбара-информациатә система алагалара ажьырныҳәамза 1, 2022 шықәсанӡа иахырԥан.

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 14:11