Print this page

88-ШЫҚӘСА ДШЫРҬАГЫЛАЗ ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АЗЫҞАҴАҨ ВАЛЕНТИН БАРЦЫЦ.

Аҩаша, 15 Жәабран 2022 15:03 98

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Валентин Барцыц.  

88-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи АСР абҩарҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Қырҭтәылатәи Асоветтә Еидгылатә Республика зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз атренер, аклассикатә еиқәԥара азы ҳаҭыр зқәу Аԥсны аспорт азҟаза,  «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорден акавалер Валентин Семион-иԥа Барцыц.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы Валентин Семион-иԥа Барцыц иуацәеи иҭахцәеи гәык-ԥсыкала идышшылоит. «Ари цәыӡ дууп ҳара зегьы ҳзы. Валентин Семион-иԥа Барцыц игәалашәара лаша дыздыруаз зегьы ҳгәаҵаҿы наунагӡа иаанхоит», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵаз адышшылара аҟны.

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 01:17