Print this page

109-ҨЫК АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТРАХЬ АКАНДИДАТЦӘА АЛХРАТӘ КОМИССИА ХАДА АҾЫ АШӘҞӘЫ ИҬАГАЛОУП.

Аҩаша, 15 Жәабран 2022 20:08 112

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы иҟаз адыррақәа рыла, Алхратә Комиссиа Хада аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 109-ҩык Апарламент адепутатрахь акандидатцәа.

118-ҩык акандидатцәа аԥшьгаратә гәыԥқәа рыла иқәгылоуп, 15 -ҩык – аполитикатә партиақәа рыла. Ҩыџьа акандидатцәа иаразнак ала аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рыла иқәыргылан.

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 00:44