Print this page

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АИУСТИЦИА АМИНИСТР АКЛАССТӘ ЧЫН ИАНАИШЬЕИТ.

Ахаша, 16 Жәабран 2022 14:57 115

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистр Анри Барцыц ианашьоуп «2 -тәи акласс иаҵанакуа аиустициа аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» икласстә чын.

 

«2-тәи акласс иаҵанакуа аиустициа аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» икласстә чын ианашьазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистр Барцыц Анри Лев-иԥа», - ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст.

 

Last modified on Ахаша, 16 Жәабран 2022 23:50