Print this page

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АХАРХӘАРАХЫЛАԤШРА АУСБАРҬА АԤСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРА 50 НЫЗЫҚЬ ПЦР-ТЕСТҚӘА АЗОУНАЖЬИТ.

Ахәаша, 11 Жәабран 2022 14:25 178

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи ахархәарахылаԥшра Аусбарҭа Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра 50 нызықь инарзынаԥшуа акоронавирустә ҿкы чымазара аарԥшра азы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара азы ПЦР-тестқәа азоунажьит.  Абри азы агәабзиарахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа рыпресс-конференциа аҿы адырра ҟалҵеит Аепидемиологиеи атерапиеи рзы Анаукаҭҵааратә Институт   (НИИЭПиТ) аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы, агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуа.

Уи ишазгәалҭаз ала, иҳаҩсыз ҩымчыбжь рыла ПЦР-тест аҭаразы иадҵаалаз рхыԥхьаӡара акыр иазҳаит, аха Аԥснытәи алабораториақәа ари аусура анагӡара рылшеит.  

«Аусзуҩцәа реиҳараҩык чмазаҩын, аха алабораториа аусура мышкгьы иаанымкылаӡеит», - ҳәа иазгәалҭеит Алиса Матуа.

Уи иара убас ПЦР-апунктқәа зегьы иахәҭоу аныхтә материалқәеи аекспресс-тестқәеи рыла еиқәыршәоуп ҳәа адырра ҟалҵеит.  

Last modified on Ахәаша, 11 Жәабран 2022 22:58