Print this page

АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА АЗЫ ИАЛАГАЛОУ АҲАЗЫЛХРАТӘ ШӘАТӘҚӘА 133,7 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.

Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 13:53 167

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Ажьырныҳәамза, 2022 шықәса рзы иалагалаз аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 133,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи  ажьырныҳәамзазы ишьақәыргылаз аплантә рбагақәа раасҭа 31,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп.   Аплан 131% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.

Ажьырныҳәамза 2021 шықәса иаҿырԥшны, ажьырныҳәамза  2022 шықәсазы иҟаз аҳазылхратә шәатәқәа 22,0 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (ажьырныҳәамза 2021 азы – 111,7 млн. мааҭ).

Last modified on Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 18:09