Print this page

ДАҼА ХҨЫК АУАА АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТРАХЬ РКАНДИДАТУРАҚӘА ЫҚӘДЫРГЫЛЕИТ.

Ахәаша, 04 Жәабран 2022 18:56 228

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 4 рзы Аԥсны алхратә Комиссиа Хада Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба рышәҟәҭагалара мҩаԥысит:

Бганба Анетта Сергеи-иԥҳа – алхратә ҭыԥхада №8 ( Алашарбагатәи);

Ашәба Мактина Муџьа-иԥҳа - алхратә ҭыԥхада №2 (Аҳабла Ҿыц).

Жәабранмза 4 рзы аполитикатә партиа «Аԥсны Жәлар Рыфронт аиашареи аҿиареи рзы» Аизара Ду апкаанҵа Аԥсны алхратә Комиссиа Хада ахь инанашьҭит. Аизара Ду аӡбамҭа ала Лаша Нодари-иԥа Сақаниа алхратә ҭыԥхада №35 (Галтәи) Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатс дықәыргылоуп.

Last modified on Асабша, 05 Жәабран 2022 21:03