Print this page

ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА БАГРАҬ СУРМАВА ИХЬЫРХӘРА АҲАСАБАЛА АҨНЫТӘ БААНДАҨТӘРА АЛНАХИТ.

Ахәаша, 04 Жәабран 2022 17:43 251

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы акассациатә коллегиа жәабранмза 3 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ажьырныҳәамза 13, 2022 шықәса рзы Баграҭ Сурмава иганахьала иалнахыз ахьырхәра аԥыхны  мызки хымзи ҽҳәарас иаҭаны – жәабранмза аҩнытә баандаҩтәра алхразы аӡбамҭа аднакылеит. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аофициалтә саит.

Ари ахьырхәра амедицинатә усбарҭақәа рҭаара уахь иналамҵакәа, ашьаус-процесуалтә закәанԥҵара иарбоу аԥкрақәа зегьы азԥхьагәанаҭоит.

Баграҭ Сурмава ԥхынгәымза 21, 2021 шықәса рзы  Аҟәа ақалақь, Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгаратә хыбрақәа Ркомплекс азааигәара аопозициатә мчқәа рыблок «Аԥсны жәлар-патриоттә  Еидгылара»  изакәанымкәа амитинг аиҿкаареи амҩаԥгареи раан амазара ақәхреи аимҵәареи ацны аҭыԥ змаз амассатә еилаҩынтәра аиҿкаареи алахәхареи, амчра ахаҭарнак мчымхарала изныҟәара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҿы ахара идҵоуп.

Баграҭ Сурмава ахара идӡам ҳәа дыԥхьаӡахоит, иду ахара аӡбарҭа азыӡбара азакәантә мчы аиуаанӡа.

Last modified on Асабша, 05 Жәабран 2022 20:56