Print this page

АҞӘАТӘИ АШЬХА АХЬ ИНАГОУ АМҨАҾЫ АДГЬЫЛ ҲӘАЗЕИТ.

Аҩаша, 01 Жәабран 2022 10:45 129

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2022. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ашьха ахь инагоу амҩаҿы адгьыл ҳәазеит. Автомобилистцәа ари аучасток саркьа аԥхьа ахаҵәирҭа ҳәа иашьҭоуп.  Адгьылҳәазара иахҟьаны 30 метра инарзынаԥшуа амҩа бгеит.

Ианаамҭоу иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгамхар ари адгьылҳәазара иацлар алшоит, уи ателебааш ахь анеира акыр иаруадаҩуеит, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ари ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ иаҭааит аҳҭнықалақь ахада, ақалақьтәии ареспубликатәии амаҵзурақәа, урҭ аҭыԥ гәаҭаны ихымԥадатәиу аусурақәа ралкаареи рышьақәырӷәӷәареи мҩаԥыргеит.

 

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 14:22