Print this page

КРИСТИНА ОЗГАНИ ЕВГЕНИ ГРАБЧАКИ АЕНЕРГЕТИКА АУСХКЫ АҾЫ АУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРА ХАДАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҩаша, 01 Жәабран 2022 16:15 136

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва ақалақь, Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрра аҿы  имҩаԥысит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки реиԥылара.

Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аиԥылара аҿы аганқәа аенергетикатә усхкы иадҳәалоу акыр зҵазкуа азҵаарақәа ирылацәажәеит:

Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра еиԥырҟьамкәа афымцамч ала реиқәыршәара алыршара азы Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра аиҿкаара;

2022 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы ахархәара зауа афымцамч акоммерциатә ҳасабырбара азы априборқәа рышьақәыргылара  апрограмма;

Зыыԥшра ҟамҵакәа зеиҭашьақәыргылара аҭаху аобиектқәа рреконструкциа азԥхьагәазҭо аенергетикатә инфраструктура апрограмма амодернизациа амҩаԥгара.

 

 

Last modified on Ахәаша, 04 Жәабран 2022 14:20