Print this page

ИӶӘӶӘАНЫ ИЛЕИЗ АСЫ ИАХҞЬАНЫ АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 31 РЗЫ РИҴАТӘИ АМИЛАҬ-РЕЛИКТӘ ПАРК АҬААРАЗЫ ИАРХЕИТ.

Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 12:25 158

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иӷәӷәаны илеиз асы иахҟьаны ажьырныҳәамза 31 рзы Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҭааразы иархеит, ҳәа Instagram иҟоу апарк адаҟьа аҿы адырра ҟаҵоуп.  

«Риҵатәи ареликт-милаҭтә парк иахьаҵанакуа иҭышәынтәалам аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ҟалар ахьалшо инамаданы ӷәӷәала асы леир алшоит. Аӡиа Риҵа ахь инеиуа амҩа уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа арыцқьара шымҩаԥсуагьы асыԥса алеира азы ашәарҭара шыҟац иаанхоит.  Шәхатә шәарҭадара аиқәырхара азы Риҵатәи амилаҭ-реликтә парк ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәсанӡа аҭааразы иаркхоит.

Иҟоу аҭагылазаашьа ииашаны еилышәкаап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп иарбоу аҳәамҭа аҿы.

Last modified on Аҩаша, 01 Жәабран 2022 22:11