Print this page

АҞӘАТӘИ АПОЛИКЛИНИКАҚӘА РҾЫ ПЛАНЛА ИАРБОУ АЧЫМАЗЦӘА РЫДКЫЛАРА ИАГЫРХОУП.

Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 15:47 180

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхареи, амедусбарҭақәа ирыдҵаало ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аизҳареи иахҟьаны, Аҟәа ақалақь Ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы  Ирма Воуба  ахәышәтәра-профилактикатә усбарҭақәа зегьы аепидемиаҿагыларатә уснагӡатәқәа (акарантин), рынагӡареи ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоу апациентцәа рыуацәеи рҭаацәеи рҭаара аԥкрақәа ралагалареи  азы Адҵа лнапы аҵалҩит.

 

Ақалақьтә поликлиника, Ахәыҷтәы поликлиника, Ақалақьтә поликлиника,  Аполиклиника №3 (Синоп) ачымазцәа рыдкылараан аԥкрақәа ралагаларазы азԥхьанҵа рыҭоуп.

Last modified on Аҩаша, 01 Жәабран 2022 21:19