Print this page

АԤСНЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА АҞЫНТӘИ АЛАҴА ҞАРҴАХЬЕИТ 16 622-ҨЫК.

Ахаша, 26 Ажьырныҳәа 2022 16:03 122

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 18, 2021 шықәса инаркны ажьырныҳәамза  26, 2022 шықәсанӡа авакцина  «Спутник V» (апартиа ҿыц) ала алаҵа ҟарҵеит  3193 – ҩык, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра.

Ԥхынҷкәынмза 30, 2021 шықәса инаркны ажьырныҳәамза  26, 2022 шықәса рҟынӡа акоронавирусттә ҿкы чымазара «Спутник Лайт» аҟынтәи алаҵа ҟарҵеит 1500 – ҩык.

Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 апандемиа ианалага инаркны апрепарат  «Спутник Лайт» ала алаҵа ҟарҵахьеит 6 929 –ҩык.

Аԥсны апандемиа алагьеижьҭеи алаҵа ҟазҵаз рхыԥхьаӡара – 16 622-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра  урыстәылатәи апрепарат «Спутник Лайт» апартиа ҿыц ааигәа иаиураны иҟоуп.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 15:58