Print this page

ГАГРА АРАИОН АШКОЛҚӘЕИ АХӘЫҶБАҲЧАҚӘЕИ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА ИАХҞЬАНЫ ЖӘАБРАНМЗА 1-НӠА ИАДЫРКИТ.

Аҩаша, 25 Ажьырныҳәа 2022 16:20 150

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь «Гагра араион ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы хазы игоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгарзы» Адҵа инапы аҵаиҩит.  Убас:

Адҵа инақәыршәаны, 2022 шықәса жәабранмза 01 - нӡа Гагра араион аҿы аус зуа ашколқәеи ашколнӡатәи аусбарҭақәеи аркхоит.

Гагра ақалақь асанитар-епидемиологиатә Станциа ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы ауаажәларратә крыфарҭақәеи ахәаахәҭратә обиектқәеи рҿы асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра арӷәӷәара азы азԥхьанҵа аҭоуп.

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 20:29