Print this page

АӠБАРАТӘ ЕИЛАЗААРА ФАТИМА ХЫШБА ЛЫУАЦӘЕИ ЛҬЫНХАЦӘЕИ ИЛЫДЫШШЫЛЕИТ.

Аҩаша, 25 Ажьырныҳәа 2022 17:55 214

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 23,  2022 шықәса рзы 75 шықәса дшырҭагылаз, акыраамҭа илыхьуаз ачымазара ашьҭахь лыԥсҭазаара далҵит ԥхьатәара иҟаз аӡбаҩ Фатима Филипп-иԥҳа Хышба.  

Фатима Хышба лусуратә мҩа хацлыркит 1968 шықәсазы Ростовтәи Аҳәынҭқарратә Университет даналга ашьҭахь Аԥснытәи АССР апрокуратура аусбарҭақәа рҿы.

1978 - 1991 шықәсқәа рзы Гагра ақалақь аӡбаҩыс, анаҩс,  2005 шықәсанӡа Гагра аиуристтә консультуциа адукатс аус луан.  

Фатима Хышба 2005 шықәазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс далхын. Уи араҟа 2008 шықәанӡа –  ҳаҭырла ԥхьатәара дцаанӡа аус луан. Аӡбаратә усбарҭақәа рҿы лусура ашықәсқәа рзы Фатима Филипп-иԥҳа Хышба  ззанааҭтә ҩаӡара ҳаракыз азиндырҩы иаҳасабала лхы аалырԥшит, уи азиндкыларатә ԥышәа аҿиара ллагала ду алалҵеит.

Аԥсны аӡбаратә еилазаара Фатима Филипп-иԥҳа Хышба лыԥсҭазаара алҵра инамаданы гәалсра дула ирыдышшылоит лыуацәеи лҭынхацәеи.

 

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 20:17