Print this page

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АШӘАРҬАДАРА АУСБАРҬАҚӘА РУСЗУҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 20 Ԥхынкәын 2021 16:31 404

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  20, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны аҧыза-министри аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩи реиҧылара аҿы  Алеқсандр Анқәаб Роберт Киути аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аколлективи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. 

«Аконституциатә шьақәгылара ахьчара, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рзакәантә  интерессқәа рыхьара – аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусура ахықәкы хаданы иҟоуп.», -ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб. Ари азанааҭдырреи аҭакҧхықәреи зҭаху усуроуп. Аусзуҩцәа иҿыцу рабиҧара аветеранцәа рҧышәа рымдо ламысла руалҧшьа нарыгӡоит», - ҳәа иҳәеит аҧыза-министр. Уи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩдцәа русураҿы ақәҿиара дуқәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:52