Print this page

ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ЛАҬАТӘИ АХЛЫМӠААХ ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Аҩаша, 14 Ԥхынкәын 2021 11:58 143

Гәдоуҭа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны ауааҧсыра Гәдоуҭа ақалақь аҿы анышә иамадоу Лаҭатәи ахлымӡах аҿы иҭахаз ргәаладыршәеит.

Иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәымба, Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Апарламент адепутатцәа, аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәа, ашколхәыҷқәа, ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи ауааҧсыра.

«Ас еиҧш арыцҳара аҧсуак адунеи дықәнаҵы ахаангьы ҳажәлар  рхашҭраны иҟаӡам. Ари атрагедиа аҿы иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи ҳрыдышшылоит», - ҳәа Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара иазку амитинг аҿы дықәгылауа илҳәеит С.П.Дбар ихьӡ зху Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра амузеи адиректор Гәыгәыца  Џьыкырба.  

Амитинг ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амузеи даҭааит, Лаҭатәи атрагедиа иазку афотосахьақәа рцәыргақәҵа дахәаҧшит. Гәыгәыца Џьыкырба Аҳәынҭқарра Ахада амузеи егьырҭ аекспонатқәагьы ртәы изеиҭалҳәеит. 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 17:50