Print this page

ҬҞӘАРЧАЛ ИҞАЛАЗ АБЫЛРА ИАХҞЬАНЫ ДҬАХЕИТ 14 ШЫҚӘСА ЗХЫҴУАЗ АҶКӘЫН.

Ахаша, 08 Ԥхынкәын 2021 11:49 94

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Ҭҟәарчал иҟалаз абылра иахҟьаны иҧсҭазаара далҵит 14 шықәса зхыҵуаз аҷкәын. 

Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, ахҭыс азы адырра иарбоу Ахылаҧшырҭа ахь иҟалеит 3 сааҭки 38 минуҭ инарзынаҧшуа. Аҭыҧ ахь иаразнак идәықәлеит амцарцәаҩцәа рыбригадақәа хҧа. Аҧсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аҭыҧ ахь ианнеиз аамҭазы амца В.Г.Арӡынба имҩаду ала иҟаз ауада зегьы амҽханакхьан.

Аҧсеиқәырхаҩцәа ражәақәа рыла, аҷкәын амца иалҵыз агазхәаҽ дахәаҽит.

Хәҭакахьала иблит ааигәа иҟаз ауадагьы. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амцакра мзызс иамоуп зусура еиҧҟьаз афымцарҧхагатә прибор.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:51