Print this page

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАДАРА АХЫБРА ИАХАГЫЛОУ АСААҬ АУСУРА ЕИԤҞЬЕИТ.

Аҩаша, 07 Ԥхынкәын 2021 13:26 126

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳҭнықалақь Аҟәа Ахадара ахыбра иахагылоу асааҭ аусура еиҧҟьеит.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мышқәак ирыдхалоит, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

1950 шықәсазы ақалақь Аҟәа аҿы иҿырҧшыгоу ацқьареи аиҿкаареи ахьыҟаз инамаданы, Аҟәатәи ақалақьтә сааҭ Моссовет ахьӡала  ҳамҭас иаҭан.

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 02:40