Print this page

БЕСЛАН ЕШБА: АРЕСПУБЛИКА АҾЫ АМАССАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА РЫМҨАԤГАРА АЗЫ АЗИН ЫҞАӠАМ.

Аԥшьаша, 11 Хәажәкыр 2021 13:03 176

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2021 шықәса.  Аҧсныпресс.  Абҵарамза 2 рзы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Еиду Ахеилак ахаҭарнак Ахра Бжьаниа инапы зҵаиҩыз иарбоу Ахеилак  аҟынтәи ашәҟәы неит. Ашәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Адырра шәаҳҭоит, абҵарамза 4, 2021 шықәса рзы  Аҟәа ақалақь Адраматә театр аҿаҧхьа 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа Еиду Ахеилак амитинг  мҩаҧнагоит.  Уи алагоит асааҭ 13:00 рзы».

Ари ашәҟәы аҭак ҟаҵо Аҟәа ақалақь ахада Аҳәынҭқарра Ахада Иқәҵара инақәыршәаны амассатә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара азы аҧкрақәа алагалоуп ҳәа иҳәеит, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

«Аҟәа ақалақь Ахадара адырра ҟанаҵоит, акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара ашәарҭара ахьыҟоу инамаданы, Аҳәынҭқарра Ахада «Аҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчара азы» иҭижьыз Аусҧҟа ала  нанҳәамза 13, 2021 шықәса инаркны амассатә усмҩаҧгатәқәа аҩны аҩныҵҟа еиҧш адәахьгьы рымҩҧгара азы азин ыҟаӡам.  Иарбоу аҧкра иахьа уажәраанӡа азинмчы амоуп»,- ҳәа иазгәаҭоуп аҳҭнықалақь Аҟәа ахада ишәҟәы аҟны.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 16:37