Print this page

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ 2022 ШЫҚӘСАЗЫ АУСЕИҾКААРАТӘ МЗАР ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘЕИТ.

Аԥшьаша, 28 Жьҭаара 2021 12:41 246

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2022 шықәсазы аусеиҿкааратә мзар шьақәдырӷәӷәеит.

Атәыла анапхгара Ақәҵара аҿы ишазгәаҭоу ала, аԥсшьаратәи аныҳәатә ԥсшьаратә мшқәеи реиқәшәара инамаданы, абарҭ аԥсшьарамшқәа ыиагахоит:

Ажьырныҳәамза 1 (асабша) – ажьырныҳәамза 3 ахь (ашәахьа),

Ажьырныҳәамза 2 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 4 ахь (аҩаша),

Ажьырныҳәамза  8 (асабша) – ажьырныҳәамза 10  ахь (ашәахьа),

Мшаԥымза 24 (амҽыша ) – мшаԥымза 25 ахь (ашәахьа),

Лаҵарамза 1 (амҽыша) – лаҵарамза 2 ахь (ашәахьа),

Нанҳәамза 28 (амҽыша) – нанҳәамза 29 ахь (ашәахьа), 

Абҵарамза 26 (асабша) – абҵарамза 28 ахь (ашәахьа).

Аԥсшьарамшқәеи аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи ихшыҩркны рхархәара хықәкыс иҟаҵаны, аусуратә мшы ажьырныҳәамза 5 (ахаша) ажьырныҳәамза  28 (асабша) ахь ииагахоит.

Амшаԥныҳәа – Иаса Қьырса игылара Амшныҳәа мшаԥымза 24, амҽыша иахьазгәарҭо инамаданы, уи иашьҭанеиуа ашәахьа, мшаԥымза 25 иусуратәым ԥсшьарамшны иҟалоит.

Last modified on Ахәаша, 29 Жьҭаара 2021 19:58