Print this page

АСЛАН БЖЬАНИА МОСКВА ИУСУРАТӘ НЫҞӘАРААН ИМҨАԤЫСИТ РАШИД НУРГАЛИЕВИ ИАРЕИ РЕИԤЫЛАРА

Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 16:50 187

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2021 шықәса.  Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә ныҟәараан имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви иареи реиԥылара.

Аиԥылараҟны аҳәаа ахысраҟны ашәарҭадареи Агәаҭара аужьратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҟны аусура арежими, иара убас аекономика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны ашәарҭадареи ирызкыз азҵаатәқәа ирылацәажәеит.

Last modified on Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 21:42