Print this page

АԤРА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АБАНКҚӘА РҞЫНТӘИ АԤРА «WORLD» АХСААЛАГАҚӘА РАХЬ АИАГАРАҚӘА РЗЫ АСЕРВИСҚӘА НАНАГӠОИТ.

Ашәахьа, 25 Жьҭаара 2021 17:29 210

 Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә шәаратә система «АԤРА» Акционертә Еилазаара «НСПК» (ашәаратә система «Мир» аоператор) еилахәыланы ахсаалагақәа «Мир» аҟынтәи ахсаалагақәа АԤРА«Мир» ахсаалагақәа рахь аиагарақәа (P2P)  ирыдҳәалоу амаҵзура қәҿиарала аԥышәатә мҩаԥгара нарыгӡеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, ари амаҵзура — аԥарашәаратә система «АԤРА» иалахәу иарбанзаалак абанк иатәу ахсаалага ахь аԥара аиагара алнаршоит.

Уажәы иарбоу асервис алагалара апроцесс ахыркәшарахь инеиуеит, иарбоу амаҵзура назыгӡо урыстәылатәи абанкқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара иадҳәалоу аусура мҩаԥысуеит.

 

Last modified on Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 17:04