Print this page

ОЧАМЧЫРА АРАИОН ЏЬГЬАРДА АҚЫҬАН АХАТӘЫ ҨНЫ БЛИТ.

Ашәахьа, 25 Жьҭаара 2021 13:25 176

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан ҩ-еихагылакны иҟаз ахатәы ҩны блит. Атәыла иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра ахь аҩны амца акит ҳәа адырра ҟалеит жьҭаарамза 24 ахәылбыҽха азы.  

Амца арцәара ахь идәықәҵан Очамчыра ақалақь Аԥшаара-еиқәырхаратә хәҭа амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Амцарцәаҩцәа рымчала аҩны ҵаҟатәи ауадақәа реиҳарак аиқәырхара алыршахеит. Аҩбатәи аихагыла блит.  

Last modified on Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 16:47