Print this page

АСАПИОРЦӘА «ГАРАНТ-БАНК» АХЫБРА АГӘАҬАРА МҨАԤЫРГОИТ.

Ахаша, 13 Жьҭаара 2021 14:21 179

АСАПИОРЦӘА «ГАРАНТ-БАНК» АХЫБРА АГӘАҬАРА МҨАԤЫРГОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Асапиорцәа ҷыдала иазыҟаҵоу алақәа рыцны Акоммерциатә Банк «Гарантә Банк» аофис хада ахыбра агәаҭара мҩаԥыргоит. Ахыбра акәша-мыкәша узеимнеиуа иаркуп. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы иҟоуп атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа.

Амилициа аусзуҩцәа «Гарант-Банк» егьырҭ аҟәшақәагьы рахь узымнеиуа иакәшаны игылеит, избан акәзар ҭелла иҟаз адырра аҿы аҭыӡҭыԥ арбаӡамызт.

Иахьа, жьҭаарамза 13 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь зхаҭара шьақәыргыламыз аӡәы Акоммерциатә Банк «Гарант-Банк» ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 19:35