Print this page

БАДРА ГӘЫНБА: АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИААРА ИАЗЫԤШТӘУП.

Ашәахьа, 11 Жьҭаара 2021 19:38 173

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иахьа Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа идикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниеи злахәыз аиԥылара аҿы цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент акәша-мыкәша иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьа ахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи иколлегацәеи Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ҭаара аҟынтәи ихынҳәра ашьҭахь апрокуратура Хада аматериалқәа рыла идикыло аӡбамҭа иазыԥштәуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.  

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 20:05