Print this page

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗЫЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ: АҲАЗЫЛХРАТӘ ШӘАТӘҚӘА РЗЫ АПЛАН 9 - МЫЗ РЫЛА АНАГӠАРА 139% РҞЫНӠА ИНАӠЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 19:40 206

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы жәымз ирылагӡаны инанагӡаз аусура аихшьаалақәа акьыԥхьит. Убас, цәыббрамза, 2021 шықәсазы аҳазылхратә усбарҭақәа рыла - 163,6 млн. мааҭ рҟынӡа ишьақәыргылоу аплан ала 284,7 млн. мааҭ ахыԥхьаӡалахеит. Аконтрольтә рбага цәыббрмзазы 174% рыла инагӡоуп. 

 

9-мыз ирылагӡаны имҩаԥгаз ахыԥхьаӡаларақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 954,4 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  2021 шықәса 9 мыз ирылагӡаны аплан 139%  рыла инагӡоуп (+ 547,1 млн. мааҭ).

2021 шықәсазы 9-мыз ирылагӡаны имҩаԥгаз ахыԥхьаӡаларақәа реицҵалыҵ иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥлшны уахәаԥшуазар, 665,0 млн. мааҭ рыла еиҳахеит, 2019 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар  -  619,0 млн. мааҭ рыла.

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 19:42