Print this page

РУСЛАН ҲАШБА САНКТ-ПЕТЕРБУРГ АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСУАЗ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АТУРНИР АҾЫ АРАӠНЫ МЕДАЛҚӘА ҨБА РАИУРА ИҼАԤСАИТӘИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 12:27 176

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Руслан Ҳашба, Ростовтәи аспорттә клуб «KHASHBA AF BJJ TEAM» ахьӡала иқәгылоз, бразилиатәи џьиу-џьитс GYMNASIUM XIX ҳәа изышьҭоу, жьҭаарамза 2-3 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир ду аҿы араӡны медалқәа ҩба иоуит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭспорт Еилакы апресс-маҵзура.  

Руслан Ҳашба амедалқәа ҩ-категориак рыла  иоуит  - 82 кьыла рҟынӡа акимоно ишәҵаны, иара убас  88 кьыла рҟынӡа акимоно ишәымҵаӡакәа.

«GYMNASIUM CUP» - ари Европа ахәыҷқәеи адуцәеи рзы бразилиатәи џьиу-џьитс азы идуу атурнирқәа иреуоуп. Араҟа еизоит 1000-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Атурнир жәларбжьаратәи ҳәа астатус амоуп, араҟа еизоит Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟынтәи зыхьӡ нагоу аспортсменцәа.  России и других стран.

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 13:16