Print this page

ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСТӘБАРА ЗЦУ АМҨАТӘ МАШӘЫР ҞАЛЕИТ.

Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 23:46 192

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы амҩатә машәыр ҟалеит. Уи иахҟьаны ауаҩы дҭахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Амҩа аивысырҭаҿы автомашьынақәа Ниссани Нивеи ааихеит. Аҩбатәи амашьына ацҳантәи икаҳаит, амцагьы акит.

Иҟалаз ахҭыс азы адырра  Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟалеит  15 сааҭи 37 минуҭи рзы. Иҟалаз амашәыр иахҟьаны Нива аԥсҟы зкыз ауаҩы дҭахеит.

Last modified on Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 23:50