Print this page

ЖЬҬААРАМЗА АКЫ ИНАЗЫЦҴОУ ԤСШЬАРАМНЫ ИРЫЛАҲӘОУП.

Аҩаша, 28 Цәыббра 2021 18:26 230

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы цәыббрамза 28, 2021 шықәсазы ирыдыркылаз Ақәҵара  № 71  инақәыршәаны, жьҭаарамза 1 иназыцҵоу ԥсшьарамны рылаҳәара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аусшәҟәы атекст аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Нанҳәамза 13, 1996 шықәсазы ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара (Анапхгара) азы» Аконституциатә закәан №290-с ахәҭаҷ 18 инақәыршәаны:

  1. Жьҭаарамза 1 (ахәаша) 2021 шықәса иназыцҵоу ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
  • Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә система ишахәҭоу ала аусура алыршареи ауааԥсыра абанктә маҵзура рыҭареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра акредиттә еиҿкаарақәа ирабжьгоуп аџьатә закәанԥҵара анагӡарала жьҭааразм 1, 2021 рзы акредиттә еиҿкаарақәа русура аиҿкаара алыршара.
  •                

    Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:44