Print this page

Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟалаз аҧсыҭбара зцу амҩа-транспорттә хҭыс азы ашьаус хацыркуп

Аҩаша, 25 Нанҳәа 2020 18:05 533

 

Аҟәа. Нанҳәамза 25 2020 ш. Аҧсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟалаз аҧсытәбара зцу амҩа-транспорттә хҭыс азы ашьаус хацыркуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, нанҳәамза 22, асааҭ 20:00 инарзынаҧшуа, автомашьына “Lexus GS-430” аҧсҟы зкыз, 1994 шықәса рзы ииз Ҳагәышь Лино Енвер-иҧа, Арӡынба имҩаду ала дшаауаз, амҩа еихызҵәоз  ашьаҟауаҩ дисит. Амҩа-транспорттә хҭыс иахҟьаны ахәрақәа зауз, 1957 шықәсазы ииз ашьаҟауаҩ ахәшәтәырҭахьы днаган. Араҟа уи иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иҧсҭазаара далҵит. Л. Ҳагәышь даанкылоуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ  263  ахәҭа 3 инақәыршәаны ихацырку ашьаус (Ауаҩы иҧсра зыхҟьаз, амҩатә ҧҟарақәеи атранспорттә хархәагақәеи рхархәара аҧҟарақәа реилагара) аилыргара аҩныҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша аусеилыргаратә ҟәша имҩаҧнагоит.