Print this page

МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АЛАГАЛАТӘ ҲАЗЫЛХРАТӘ БАЏЬ АЛХРАДА УРЫСТӘЫЛАНТӘИ АԤСНЫҞА ИААГАХО АНЕФТААЛЫҴҚӘА РШӘАГААҚӘА АИЗЫРҲАРА АЗЫ АПКААНҴА АНАПАҴЫҨРА МҨАԤЫСИТ

Аҩаша, 21 Цәыббра 2021 14:44 164

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы алагалатә ҳазылхратә баџь алхрада Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаарго анефтаалыҵқәа ршәагаақәа аизырҳара азы Апкаанҵа анапаҵыҩра мҩаԥысит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс- маҵзура.

Апкаанҵа инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи Аԥсны аекономика Аминистрреи 2021 шықәса азы аквота ҿыцқәа алыркааит.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 20:40